Аԥыза-министр идҵала, Қырҭтәыла иахьаҵанакуа украинатәи ажәлар рыцхырааразы еизгоуп 100 тонна иреиҳаны агуманитартә аидара
Аԥыза-министр идҵала, Қырҭтәыла иахьаҵанакуа украинатәи ажәлар рыцхырааразы еизгоуп 100 тонна иреиҳаны агуманитартә аидара

Аԥыза-министр идҵала, арегионқәа рҿы аҳәынҭқарра ахаҭарнакцәеи Аиҳабыра арегионқәа рҟны еизыҟазаашьақәа рдепартаменти рыдгылара ала, Қырҭтәыла иахьаҵанакуа украинатәи ажәлар рыцхырааразы еизгоуп 100 тонна иреиҳаны агуманитартә аидара, – иануп Қырҭтәыла аԥыза-министр ипрессмаҵзура аланарҵәаз аинформациа аҿы.

Апрессмаҵзура адыррақәа рыла, мрагыларатә Қырҭтәыла амуниципалитетқәа рҿы еизыргаз аидара Қарҭ ааргахьеит, мраҭашәаратәи аидара Ԥуҭтәи атерминал аҿы еизгоуп.

„Агуманитартә аидараҿ иҟоуп афатә, амедицинатә маҭәарқәа, ахәышәқәа. Аидара амобилизациа апроцесс рхы аладырхәоит аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәеи, хазхаҭалатәи асектори рхаҭарнакцәеи атәылауаҩратә сектори,” – иануп аинформациа аҿы.

Аидара Украинашҟа уаҵәы дәықәырҵоит.