40ҩык атҟәацәа рхақәиҭтәра амзызла,   Израиль ҲАМАС аднагалоит мчыбжьык ала амца аанкылара
40ҩык атҟәацәа рхақәиҭтәра амзызла,   Израиль ҲАМАС аднагалоит мчыбжьык ала амца аанкылара

 

«40ҩык атҟәацәа рхақәиҭтәра амзызла,  Израиль ҲАМАС аднагалоит мчыбжьык ала амца аанкылара», — CNN  ари атәы аанацҳаит  израильтәи аофициалтә хаҿқәа ринформациа шьаҭас иҟаҵаны.

Аофициалтә хаҿқәа ишырҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу атҟәацәа иреиуп аҳәсеи, зықәрахь инеихьоу ауааҧсыреи, зыҧшра ҟамҵакәа ацхыраара зҭаху ауааи. Урҭ рхақәиҭтәра амзызла,   Израиль ҲАМАС аднагалоит мчыбжьык ала аибашьра аанкылара.

Америка иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ Михаель Херцог ишьақәирҕәҕәеит Израиль амца аанкылара ишазыхиоуп, аха, аганқәа ари азҵааразы ишеиқәшаҳаҭхаз макьана ишьақәимырҕәҕәеит.

«Аиқәшаҳаҭра алацәажәара заацәоуп ҳәа сгәы иаанагоит, избанзар, ҲАМАС даҽа еиқәшаҳаҭрак адкылара иақәшаҳаҭым», — иҳәеит Херцог.

Уаанӡа ҲАМАС аанацҳаит   израильаа амца ааныркылаанӡа  атҟәацәа шоурмыжьҭуа.