Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, Акоординациатә штаб аилатәараҿы, Гәыриа арегионаҿ асду иахылҵыз алҵшәақәа раҧыхразы иаха имҩаҧгаз аусурақәа ирызку аҳасабырба дазыӡырҩит.
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе, Акоординациатә штаб аилатәараҿы, Гәыриа арегионаҿ асду иахылҵыз алҵшәақәа раҧыхразы иаха имҩаҧгаз аусурақәа ирызку аҳасабырба дазыӡырҩит.
Аштаб аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, аплан инақәыршәаны, ақыҭақәа рахь ицо амҩақәа излауа ала ирласны ррыцқьара амзызла, арегионахь иацҵаны атехника нагоуп.
Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистр Иракли Қарселаӡе ишиҳәаз ала, жәларбжьаратәи аҩныҵҟатәи аҳәынҭқарратә мҩақәа активла ррыцқьара иаҿуп. Интенсивла имҩаҧгаз аусурақәа рыбзоурала, Саџьавахо–Чохатаури–Озургеҭи ахырхарҭаҿы аиҭаҵра еиҭашьақәгылоуп.
Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, уажәазы ахадаратә ҵакы амоуп афымцала аиқәыршәареи акоммуналтә сервисқәеи излауа ала ирласны реиҭашьаәыргылара. Ари ахықәкы анагӡаразы, аҧыза-министр, аштаб алахәылацәа аконкреттә адҵақәа риҭеит.
Иара убас, аштаб аилатәараҿы ишазгәаҭаз ала, анеҩстәи асааҭқәа рзы амуниципалитетқәа рахь инаргоит афатәаалыҵи ауаа зда ҧсыхәа рымам атауарқәеи.
Амедицинатә цхыраара лас абригадақәа арежим ҷыдаҿ аусура нарыгӡоит.