Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи азы Европатәи Абанк Урыстәылеи Беларуси рҿы апроектқәа аҧара рзоушьҭра иаҟәыҵуеит

Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи азы Европатәи Абанк  анапхгаҩцәа рхеилак, Украина ажәылара иадҳәаланы, Урыстәылеи Беларуси иаҿагылоу асанкциақәа  иаҳа идырҕәҕәоит.

Ахеилак аҳәамҭаҿы ишазгәаҭоу ала, Урыстәылеи Беларуси рыла Абан к аресурсқәа рхархәара аанкылатәуп. Ари аӡбара зыҧшра ҟамҵакәа амч аиуроуп. Аӡбара инақәыршәаны, зыӡбахәы ҳәоу атәылақәа рҿы апроектқәа аҧара рзоушьҭра иаҟәыҵуеит. Абан уи азыҳәан азинқәа зегьы амоуп. Иара убас, Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи азы Европатәи Абанк аҿы ишаарыцҳаз ала, Европатәи Абанк  Москвеи Мински абанк аофисқәа рыркра апроцесс иалагахьеит.

Иара убас, Европатәи абанк анапхгаҩцәа рхеилак аӡбарала, ахҵәацәа ркризис ахьыҟоу Украинеи арегион егьырҭ атәылақәеи 2 миллиард евро ацхыраара рзоурышьҭуеит.