Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьцәа рҭаацәара дрыдашшылеит
Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьцәа рҭаацәара дрыдашшылеит

Қырҭтәыла апарламент ахантәаҩы Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьцәа рҭаацәара дрыдашшылеит.

«Ҳара украин жәлар ҕәҕәала ҳрыдгылоит. Ҳаиҩызара ашәышықәсқәа рацәа ахыҵуеит, агәра ганы сыҟоуп ҳаҧхьаҟа уи иаҳа ишыҕәҕәахо.

Рыцҳарас иҟалаз, аибашьра нагӡоит, ацәыӡ дууп.

Украина иаҿагылоу урыстылатәи агрессиа амшала хҩык ақырҭуа аибашьцәа ҭахеит…

Давиҭ Ратиании, Гиа Бериашвилии, Бахва Чиқобавеи рҭаацәеи руацәеи срыдашшылоит», — иҩит  Шьалуа  Папуашвили.