Ҭорнике Рижваӡе  - Ҳара Аҷара иҟалаз ашторм ҕәҕәа амшала азарал зауз хазхаҭалатәи ахаҿқәа иҳалшо ала ҳрыцхраароуп
Ҭорнике Рижваӡе  - Ҳара Аҷара иҟалаз ашторм ҕәҕәа амшала азарал зауз хазхаҭалатәи ахаҿқәа иҳалшо ала ҳрыцхраароуп

«Аҷара аиҳабыратә комиссиа ҷыда ашторм ҕәҕәа иахылҵыз азарал аҧхьаӡара иаҿуп», —  иҳәеит Аҷара аиҳабыра рхантәаҩы аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.

Рижваӡе иажәақәа рыла, Баҭыми Қобулеҭии азарал зауз анаплакҩцәа зегьы ацхыраара роуеит.

«Иацы иҟалаз ашторм ҕәҕәа амшала Баҭыми Қобулеҭии аплиажқәа аҧхасҭа ду роуит. Иашьашәалоу аусбарҭақәа зегьы срыҳәар сҭахуп излауа ала ирласны алҵшәақәа раҧыхратә усурақәа мҩаҧыргарц. Амуниципалитет акомиссиа азарал аҧхьаӡара иаҿуп. Аҷара иҟалаз ашторм ҕәҕәа амшала азарал зауз хазхаҭалатәи ахаҿқәа иҳалшо ала ҳрыцхраароуп», — иҳәеит Ҭорнике Рижваӡе.

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, иахьа инаркны ашторм амч маҷхоит.