Баҭым ашықәсҿыцтәи аҧсаӡ адыркит
Баҭым ашықәсҿыцтәи аҧсаӡ адыркит

Баҭым, Европа ашҭаҿы, ашықәсҿыцтәи аҧсаӡ хада адыркит.

Аусмҩаҧгатә аҿы иҟан Аҷара аиҳабыра рнапхтәаҩы Сулхан Ҭамазашвилии иҭаацәара алахәылацәеи.

Аҧсаӡ хада аиркит Баҭым ахада Гьаргь Цинцаӡе.

Уааҵәҟьа еиҿкаау  «Ашықәсҿыцтәи ақыҭаҿ» еиуеиҧшым аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧысуеит.

Аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧгахоит Аҷара егьырҭ амуниципалитетқәа рҿгьы.

Ари аинформациа аланарҵәеит Аҷаратәи автономтә республика аиҳабыра рпроесс-маҵзура.