Иахьа баҭымтәи аҧсылманцәа аҧсылмантә дунеиаҿ зегьы реиҳа зҵакы дуу аныҳәақәа иреиу Рамазан Баирам иазгәарҭеит. Аџьаама аҭааҩцәа рыхәҭак адәахьы иныҳәон, избанзар, аџьамаа ахыбра иамкит. Даҽа хәҭак аџьамаа ҿыц аргылара иахьаҳәо аҭыҧаҿ еизеит.
„Иахьа зеиҧшҟамлац ала ҳаидгылазароуп, аилыбакаареи аибанажьреи иҳуалуп, избанзар, адоуҳатәгьы амилаҭтәи принципқәа еицыҳахьчароуп“, – иҳәеит Қырҭтәыла амуфҭ Адам Шанҭаӡе абжьагажәа данаҧхьоз.
Баҭым аџьамаа хадаҿы адинхаҵаҩцәа ари аныҳәа ду рыдырныҳәалеит Аҷаратәи автономтә республика аиҳабыра рхантәаҩи автономтә республика егьырҭ аофициалтә хаҿқәеи.