Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра Баҭым иҟалаз арыцҳара иадҳәаланы адашшылара ҟанаҵеит
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра Баҭым ҩыџьа ахәыҷқәа рҭахара иадҳәаланы адашшылара ҟанаҵеит.
«Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра аусзуҩцәа зегьы Баҭым ҩыџьа ахәыҷқәа рҭахара даараӡа ргәы иалсит. Абри ихьанҭаӡоу аамҭазы, иҭахаз ахәыҷқәа рҭаацәарақәа ргәырҩа рыцеиҩаҳшоит», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакра адаҟьаҿ икьыҧхьу адашшылараҿы.