Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Ажәалагала ҟаҳҵоит Қырҭтәылеи Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҳәаақәа рделимитациеи, анеҩс,  рдемаркациеи апроцесс алагара иазкны  
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра – Ажәалагала ҟаҳҵоит Қырҭтәылеи Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҳәаақәа рделимитациеи, анеҩс,  рдемаркациеи апроцесс алагара иазкны  

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Женеватәи аиҿцәажәарақәа  54-тәи араунд иазкны аҳәамҭа аладырҵәеит.

Аусбарҭа аҳәамҭа ишану ала,  аиҧылараҿы аганқәа зегьы еицҿакны ишьақәдырҕәҕәеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа альтернатива шрымам,  избанзар урҭ рыбзоурала,   Қарҭ еснагь алшара рымоуп Аҟәеи Цхинвали рҟны ишиашо адиалог амҩаҧгаразы.

«Урыстәылеи,  аҧсуеи ауаҧси аидгылаҩцәеи ргәаанагарала,  Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы аҧыжәара рымоуп Аахыҵ Кавказ аҿы ашәарҭадара аиқәыршәара иадҳәалоу азҵаарақәа. Абри астратегиатә хықәкы анагӡаразы,  амч ахархәамра иазку,  аиуристтә мчы змоу аиқәшаҳаҭра хшыҩзышьҭра ҷыда азутәуп, Зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵароуп ганкахьала – Қырҭтәыла,  егьи аганахьала – Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи.  Абри азҵаара аҵакы ҷыда амоуп,  избанзар Мраҭашәара  активла аусура иаҿуп Қырҭтәыла НАТО иалаларц азыҳәан,  уи убарҭоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҿы еиҧҟьарада имҩаҧысуа арратә азыҟаҵарақәа рылагьы. Арегион аҿы ашәарҭадара ахьчаразы,  урыстәылатәи аган ажәалагала ҟарҵоит Қырҭтәылеи Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи рҳәаақәа рделимитациеи, анеҩс,  рдемаркациеи апроцесс алагара иазкны. Аконфронтациатә позициа ала,   еиуеиҧшым жәларбжьаратәи аформатқәа рҿы  атенденциатә документқәа рцәыргара ала, ақырҭуа аган, дара рхала Женеватәи аиҿцәажәрақәа рҿы имаҷымкәа азҵаарақәа рылацәажәара иаҧырхагоуп. Дара ЕАР Ассамблеиа Хада атрибунаҿы иқәгыланы, жәларбжьаратәи ауаажәларра ирыдаргалоит алабҿабара иацәыхароу, аполитикатә шьаҭа змоу ганкалатәи апозициа.  Ҳара ахҵәацәа ирызку арезолиуциақәа роуп ҳазлацәажәо. Аҧсни аахыҵ уаҧстәылеи рхаҭарнакцәа жәларбжьратәи атрибунақәа рахь инарышьҭуам, убри аҟынтә, Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿгьы абри апроблема ҳзалацәажәом », —  иануп Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа анеҩстәи араунд мҩаҧысуеит ҧхынҷкәын актәи азбжазы.