Украина Американтә арратә-техникатә цхыраара аиуит
Украина Американтә арратә-техникатә цхыраара аиуит

Украина Американтә арратә-техникатә цхыраара аиуит. Ари атәы аанацҳаит Украина Атәылахьчара аминистра.

Аидара Киев иҟоу Борисполтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазахь наргахьеитю Аусҳәарҭа аинформациа ала, украинатәи аган арратә цхыраара аиуит ахада Володимир Зеленски ЕАШ ивизит аан рнапқәа аҵарҩыз аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, 250 миллион америкатә доллар ацыхыраара ада, америкатәи партниорцәа рҟынтә украина аиуит иацҵаны 60 миллион доллар ахәԥса змоу аидара.