Ҳазҭагылоу амчыбжь азы ЕАШ ахаҭарнакратә палата Израили Украинеи рыцхыраара иазку азакәанпроектқәа хаз-хазы иахәаԥшуеит
Ҳазҭагылоу амчыбжь азы ЕАШ ахаҭарнакратә палата Израили Украинеи рыцхыраара иазку азакәанпроектқәа хаз-хазы иахәаԥшуеит

Ҳазҭагылоу амчыбжь азы ЕАш ахаҭарнакратә палата ИзраилиУкраинеи рыцхыраара иазку азакәанпроектқәа хаз-хазы иахәаԥшуеит, – ааицҳаит ареспубликатәи партиа аҟынтә аспикер Маик Џьонсон.

Џьонсон иажәақәа рыла, апалатаҿ ԥшьзакәанпроектк ирыхәаԥшуеит, урҭ Таиван ацхыраареи Еаш амилаҭтә шәарҭадара априоритетқәеи ирызкуп.

“Адунеи ҳацклаԥшуеит, ҳҭак иазыԥшуп. Америка адгылаҩцәеи адунеи аҿы ҳинтересқәеи рыхьчара алнахуама ҳәа аинтерес рымоуп. Ҳара ари ҟаҳҵоит”, – иҳәеит ареспубликатәи партиа аҟынтә аспикер

Аруспубликатәи партиа хаҭарнакцәа азакәанԥҵаратә ажәалагала аҩашаҽны цәырыргоит, аха абжьыҭиразы 72 сааҭтәи ахцәажәара апериод рыхьчароупю