Џьо Баиден адәныҟаполитикатә маҵзураҭыҧқәа рзы акандидатцәа иқәиргылеит
Џьо Баиден адәныҟаполитикатә маҵзураҭыҧқәа рзы акандидатцәа иқәиргылеит

 

Америка ахада Џьо Баиден адәныҟаполитикатә маҵзураҭыҧқәа рзы акандидатцәа иқәиргылеит. Акандидатцәа дреиуп Қырҭтәыла иҟаз Америка ҧасатәи ацҳаражәҳәаҩ  Џьон Басс, иара анапхгараҭара азҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ иҭыҧ азы кандидатс дықәгылоуп.

Џьон Басс   — дпрофессионалтә дипломатуп. Қырҭтәыла иҟоу Америка адипломатиатә миссиа анапхара инаваргыланы, иара Афганистани Ҭырқәтәылеи  ацҳаражәҳәаҩс аус иуан.