Џьо Баиден  - Атҟәацәа рхақәиҭтәра алшара ҟаларцаз Израили ҲАМАСи рыбжьара аибашьра аанкылатәуп
Џьо Баиден  - Атҟәацәа рхақәиҭтәра алшара ҟаларцаз Израили ҲАМАСи рыбжьара аибашьра аанкылатәуп

Америка ахада  Џьо Баиден  ишиҳәаз ала,  атҟәацәа рхақәиҭтәра алшара ҟаларцаз Израили ҲАМАСи рыбжьара аибашьра аанкылатәуп. Баиден ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Миннесота даныҟаз. Уаҟа ҧҳәыск Америка ахада диҳәеит амца аанкыларазы Израили ҲАМАСИ рахь ааҧхьара ҟаиҵарц.

«Ҧыҭраамҭак ҳаангылароуп ҳәа сгәы иаанагоит, атҟәацәа рхақәиҭтәразы аамҭа аҭахуп», — иҳәеит  Баиден.

Аҩны шкәакәаҿ иҟарҵаз аилыркаарақәа инрықәыршәаны, Америка ахада агуманитартә цхыраареи  ҲАМАС атҟәараҿы иҟоу 240ҩык рхақәиҭтәреи ауп дызлацәажәо.

Баиден ишазгәеиҭаз ала, аҭагылазаашьа  «зеиҧшҟамлац ала иуадаҩуп» Израиль ауааҧсыра рзгьы, иара убас, аҧсылмантә дунеи азгьы.