Reuters адыррала,  Џьо Баидени Си Ӡинпини еиҧылоит абҵара 15 рзы,  Сан-Франциско
Reuters адыррала,  Џьо Баидени Си Ӡинпини еиҧылоит абҵара 15 рзы,  Сан-Франциско

Reuters адыррала,  Џьо Баидени Си Ӡинпини еиҧылоит абҵара 15 рзы. Ҩыџьа алидерцәа еиҧылоит Сан-Франциско имҩаҧысуа  Азиа-Аокеанҭынчтәи асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны. Reuters аинформациа инақәыршәаны,  Вашингтони Пекини Баидени Си Ӡинпини реиҿцәажәаразы аҽазыҟаҵара иаҿуп.

Китаи ари аинформациа макьана ишьақәнарҕәҕәом.

Агентра адыррақәа инрықәыршәаны, ҩыџьа алидерцәа еиуеиҧшым азҵаарақәа ирылацәажәоит, аклимат аҽаҧсахра азҵаарагьы.  Иара убас, Америка, ашәарҭарақәа реиҵатәа амзызла, ахыхьчара азҵаарақәа рзы Китаи аҟны аиҿцәажәарақәа реиҭалагара иазҿлымҳауп.