Bloomberg – Џьо Баиден ареспубликанцәа ирыдигалеит Америка аҳәаатә политика аҧсахра, уи абзоурала, Украина ацхыраара аҭаразы алшара азҳауеит
Bloomberg – Џьо Баиден ареспубликанцәа ирыдигалеит Америка аҳәаатә политика аҧсахра, уи абзоурала, Украина ацхыраара аҭаразы алшара азҳауеит

Џьо Баиден ареспубликанцәа ирыдигалеит Америка аҳәаатә политика аҧсахра, уи абзоурала, Украина ацхыраара аҭаразы алшара азҳауеит. Ари аинформациа аланарҵәеит аҭыжьымҭа  Bloomberg.

Аҭыжьымҭа ишану ала,  аҩныҵҟатәи ашәарҭадара аминистри асенаторцәеи реиҧылара ашьҭахь иҟаҵаз ажәалагала ахәаҧшразы,  ареспубликанцәа,  ашәқәа ркны еиҧылеит.

Уажәазы ареспубликанцәа Баиден иҟаиҵаз аммиграциатә ажәалагала иахәаҧшуеит. Асенатор  Том Тиллис ишҳәаз ала,  зыӡбахәы ҳәоу ажәалагала абзоурала,  атәыла ахада иаҳа инарҭбаау азинмчқәа иоуеит адокументқәа рыда аҳәаа иахысуа аммигрантцәа рдепортациазы. Аха,  аконсервативтә республиканцәа ргәаанагарала,  уи иазхом.

$106  миллиард адоллар иаҟароу ацхырааратә пакет ашьақәырҕәҕәаразы  Сенати Ахаҭарнакратә палатеи ирылоу ареспубликанцәа аммиграциатә хылаҧшра арҕҕәара иаҳәоит, ари аҧара аҟынтә  $106 миллиард Украина иазкуп.