Џьо Баиден - Иашьҭанеиуа ашәахьазы Израили "Ҳамаси" ахымца ааныркылап ҳәа сгәыӷуеит
Џьо Баиден - Иашьҭанеиуа ашәахьазы Израили "Ҳамаси" ахымца ааныркылап ҳәа сгәыӷуеит

ЕАШ ахада Џьо Баиден ишааицҳаз, иашьҭанеиуа ашәахьазы Израили “Ҳамаси” ахымца ааныркылап ҳәа дгәыӷуеит, – аанацҳаит “Роитер”.

Баиден Ниу Иорк даныҟаз ажурналистцәа рахь ишааицҳаз, Израили “Ҳамаси” ахымца ааныкылара иашьҭанеиуа ашәахьазы иалагап ҳәа дгәыӷуеит.

Баидер иажәақәа рыла, аганқәа Катар имҩаԥгаз аиҿцәажәарақәа раан атҟәацәа рхақәиҭтәразы еиқәшаҳаҭхеит.

„Амилаҭтә шәарҭадаратә зҵаарақәа рзы сыбжьагаҩ ишсаиҳәаз ада, ҳааигәоуп. Даара ҳа́аигәоуп. Макьана ихыркәшам, аха иашьҭанеиуа ашәахьазы ахымца аанкылахап ҳәа сгәыӷуеит”, – иҳәеит Баиден.