Олаф Шольци Џьо Баидени реиԥылараан зҵаара хаданы иқәгылан Украина ацхыраара азаарԥшра
Олаф Шольци Џьо Баидени реиԥылараан зҵаара хаданы иқәгылан Украина ацхыраара азаарԥшра

Германтәыла аканцлр Олаф Шольци ЕАШ ахада Џьо Баидени реиԥылараан зҵаара хаданы иқәгылан Украинеи Киеви ацхыраара рзаарԥшра.

Аиԥылра ашьҭахь атәылақәа рлидерцәа аконгресс ахь ааԥхьара ҟарҵеит Украина ацхраара апакет зыԥшра ҟамҵакәа шьақәдырӷәӷәарц.

Аҩны шкәакәаҿ аиԥылара иалагаанӡа, Баиден ажурналистцәа ишраиҳәаз, аконгресс ацхыраара апакет аднамкылозар, “ари акриминалтә ацәгьоура” еиԥшхоит.

Германтәыла аканцлер Евреоидгыла алидерцәа аҵыхәтәантәи рыӡбара дахцәажәеит – европаа Киев 50 миллиард евро азалырхит.