Аихқәа ишаарыцҳаз, Китаи ахада ЕАШ рҿы дыҟоуп
Аихқәа ишаарыцҳаз, Китаи ахада ЕАШ рҿы дыҟоуп

“Роитер” ишаанацҳаз, Китаи ахада Си Ӡинпин визитла ЕАШ рҿы дыҟоуп.

Ари, аҵыхәтәантәи фышықәса рзы Китаи алидер ЕАШ рахь раԥхьаӡатәи ивизитуп. Си Ӡинпин ЕАШ ахада Џьо Баиден Сан-Франциско диԥылоит, уи ашьҭахь атәылақәа рлидерцәа Азиеи аокеан Ҭынчи  рекономикатә усеицуразы аиҿкаара асаамит хы аладырхәоит.

Уаанӡа Баиден иҟаиҵаз аҳәамҭала, Америка Китаи ацәыхара аҭахым, уи акәым аизыҟазаашьақәа реиӷьтәра ауп хықәкыс амоу. “Хықәкыс иҳамоуп аимадарақәа ԥасатәи акурс азыхынҳәра”, – иҳәеит Џьо Баиден.