Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 141-ҩык рыдбалоуп
Импыҵaхaлоу Аҧсны aкоронaвирус даҽа 141-ҩык рыдбалоуп

Импыҵaхaлоу Аҧсны Агәабзиарахьчара аминистрра аинформациа ала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла импыҵaхaлоу Аҧсны атерриториаҿ aкоронaвирус  азы атестқәа рзыҟарҵеит  522-ҩык, урҭ рҟынтә 141-ҩык aкоронaвирус рыдбалан.

Импыҵaхaлоу Аҧсны ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 257-ҩык апациентцәа, урҭ рҟынтә 31-ҩык рҭагылазаашьа цәгьоуп.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла импыҵaхaлоу Аҧсны, Аҟәа иҟоу урыстәылатәи арратә госпиталь аҟны апациентк иԥсҭазаара далҵит.

Импыҵахалоу Аҧсны  aкоронaвирус ирыдбалан 10 102-ҩык aуaaҧсырa, ачымазара иалҵхьеит  7 808-ҩык,  рыԥсҭазаара иалҵхьеит 143-ҩык.