Урыстәыла анапхгара импыҵахалоу Аҧсны, Очамчыра ақалақьаҿ арра-амшынтә мчқәа  еснагьтәи рыргыларҭатә пункт ҿыц аҧҵара ргәы иҭоуп
Урыстәыла анапхгара импыҵахалоу Аҧсны, Очамчыра ақалақьаҿ арра-амшынтә мчқәа  еснагьтәи рыргыларҭатә пункт ҿыц аҧҵара ргәы иҭоуп

Урыстәыла анапхгара импыҵахалоу Аҧсны, Очамчыра ақалақьаҿ арра-амшынтә мчқәа  еснагьтәи рыргыларҭатә пункт ҿыц аҧҵара ргәы иҭоуп.  Урыстәылеи Аҧсны асепаратисттә режими иашьашәалоу аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵахьеит. Импыҵахалоу Аҧсны де-факто ахада Аслан Бжьаниа ари атәы ааицҳаит аҭыжьымҭа  „Известиа“ аинтервиу анаиҭоз. Иацы Аслан Бжьаниа Урыстәыла ахада Владимир Путин диҧылеит.

Бжьаниа иҳәамҭала,  хара имгакәа Очамчыра ақалақьаҿ арратә база дыргылоит.

„Аныҳәамш анҳамаз, ҳбаҕәаза иҭалеит аракетатә аҕба хәыҷы, ҳара абортахь ҳхалеит  – уи исериозу аибашьыгақәа рыла еиқәыршәоу ҳаамҭазтәи аҕбоуп. Ҳара аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит, хара имгакәа Очамчыра араионаҿ Урыстәыла арра-амшынтә флот еснагьтәи аргыларҭатә пункт аҧаҳҵоит“, – иҳәеит Бжьаниа.

Аслан Бжьаниа иажәақәа рыла,  „Москвеи Аҟәеи рыбжьара арра-техникатә усеицура Урыстәылеи Аҧсни рхыхьчаралшара аизырҳара иазкуп“.