Григори Карасин – Аҧсны имҩаҧысуа апротесттә акциақәа хықәкыла анҭыҵынтә еиҿкаауп
Григори Карасин – Аҧсны имҩаҧысуа апротесттә акциақәа хықәкыла анҭыҵынтә еиҿкаауп

Урыстәыла Афедерациа ахеилак жәларбжьаратәи комитет ахантәҩаы Григори Карасин иҳәамҭала,  «Пицунда азҵаара иадҳәаланы Аҧсны аоппозициаа иҟарҵаз аилаҩынтәра анҭыҵынтә еиҿкаан».  Карасин   импыҵахалоу Аҧсны ауааҧсыра иҟарҵаз аҳәамҭа абас дахцәажәеит. Аҳәамҭа ишану ала,  «Пицунда иҟоу аҳәынҭқарратә ҧсшьарҭаҭыҧ Урыстәыла аҭара аҵакырадгьыл ацәыӡроуп иаанаго».

«Ари аҧсшьарҭаҭыҧ иажәуп, Сталин ихаантәиуп, аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, уи ҳара иаҳтәхеит. Аиқәшаҳаҭра ҳабжьаҳҵеит ҩышықәса раҧхьа, уажәы адокумент аратификациа азун. Егирахь, дара иҟарҵо апротест шьаҭак аҵам, ргәылара иҟоу тәылақәак роуп ари аилаҩынтәра иазҿлымҳау», — иҳәеит Карасин.

Импыҵахалоу Аҧсны апарламент ҧхынҷкәын  27 рзы, шьыжьымҭан, Пицунда иҟоу аҳәынҭқарратә аҧсшьарҭаҭыҧ Урыстәыла аҭара иазку аиқәшаҳаҭра шьақәнарҕәҕәеит, анеҩс, ари аиқәшаҳаҭра инапы аҵаиҩит импыҵахалоу Аҧсны ахада.

Аҧсны иқәынхо ауааҧсыра рыхәҭак ари аӡбара иақәшаҳаҭым, аӡбара аҧыхра иаҳәоит.