Импыҵахалоу Аҧсны апарламент аерман депутатцәа Никол Ҧашиниан акритика изыруит иара Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара дахьадгыло азыҳәан
Импыҵахалоу Аҧсны апарламент аерман депутатцәа Никол Ҧашиниан акритика изыруит иара Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара дахьадгыло азыҳәан

Импыҵахалоу Аҧсны апарламент аерман депутатцәа Ашоҭ Миносиани, Галуст Трапизониани, Эрик Рштунии, Левон Галустиани  Никол Ҧашиниан акритика изыруит иара Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара дахьадгыло азыҳәан.

Дара иҟарҵаз аҳәамҭа ишану ала, Шәамахьтәыла аҧыза-министр иҳәамҭа Аҧсны иаҿагылоу демаршуп.

«Никол Ҧашиниан игәалаҳаршәоит ихьыҧшым Аҧсны ишықәынхо  42 нызқьҩык ашәамахьцәа. Ашьагәыҭуаа аҭагылазаашьақәа зегьы ҳзеиқәдыршәеит, ҳхатә бызшәа аҵареи, ҳҵасқәеи ҳтрадициақәеи рыхьчареи ҳалшарц азыҳәан. Ҳара, згәыдурала иаҳҳәоит  Аҧсны  ҳаҧсадгьыл шакәу.  Шәамахьтәыла Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара иадгылар  алшоит. Аха, ихьыҧшым Аҧснытәи Ареспублика изакәызаалак ак ала уи иадҳәалам.  30 шықәса рыҩныҵҟа амилаҭрацәаратә ҳажәлар рхатә ҳәынҭқарра аргылара иаҿуп. Ҧашиниан ҳиеиҧшымкәа,  ажәлар рҭаххара атәазымбо, ҳхылҵ ршьала иҳархынҳәыз атәыла аҧыхра зҭаху  аполитик Аҧсны дыҟам», — иануп импыҵахалоу Аҧсны апарламент адепутатцәа рҳәамҭаҿы.

Уаанӡа, Шәамахьтәыла аҧыза-министр Никол Ҧашиниан ааицҳаит жәаҳәарада Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи дшадгыло.