Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла, адунеи аҿы акоронавирус 496 000-ҩык иреиҳаны рыдбалан
Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла, адунеи аҿы акоронавирус 496 000-ҩык иреиҳаны рыдбалан

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла, адунеи аҿы акоронавирус 496 000-ҩык иреиҳаны рыдбалан. Ари атәы аанацаит Агәабзиара адунеитә  еиҿкаара.

ЕАР иаҵанакуа еиҿкаара адыррақәа рыла, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла, адунеи аҿы акоронавирус амзызла рыԥсҭазаара иалҵит 7700-ҩык. Акоронaвирус aпaндемиa aлaрҵәaрa иaнaлaгa нaркны иaхьaнӡa, aдунеи aҿы aкоронaвирус ҿыркaaхьеит 62 миллионҩык иреиҳaны.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла, зегь реиҳа ирацәаны афактқәа аарԥшын аҩадатәии аладатәии Америка атәылақәа рҿы. Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылоит Европа.