Евроеидгыла  100 миллионҩык ауааҧсыра  COVID-19 аҽыхьчаратә вакцинациа наӡа иахысхьеит
Евроеидгыла  100 миллионҩык ауааҧсыра  COVID-19 аҽыхьчаратә вакцинациа наӡа иахысхьеит

«Евроеидгыла  100 миллионҩык ауааҧсыра  COVID-19 аҽыхьчаратә вакцинациа иахысхьеит», — илҳәеит Еврокомиссиа ахада Урсула  фон дер Лаиен  G7 асаммит аҿы данықәгылоз.

«Ажәабжь бзиа ҳамоуп. Иахьазы Европа,  зықәра наӡоу  ауааҧсыра рҟынтә  50% дозак адымхаргьы, ироухьеит. Иаҳа еиҕьу ажәабжьгьы ҳамоуп: иахьазы  100 миллионҩык европауаа авакцинациа наӡа иахысхьеит», — илҳәеит  Урсула фон дер Лаиен.

Еврокомиссиа ахада ишылҳәаз ала,   Евроеидгыла аҵакырадгьыл аҿы иҟаҵоу 700 миллион адозақәа рҟынтә,   350 миллион адозақәа  90 ҳәынҭқаррақәа рышҟа идәықәҵоуп.