Урсула фон дер Лаиен – Европаа зегьы Евроеидгыла абираҟ аҵара еидаҳкылар, ҳконтинентаҿ аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи ҟалоит
Урсула фон дер Лаиен – Европаа зегьы Евроеидгыла абираҟ аҵара еидаҳкылар, ҳконтинентаҿ аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи ҟалоит

«Европаа зегьы Евроеидгыла абираҟ аҵара еидаҳкылар, ҳконтинентаҿ аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи ҟалоит», — илҳәеит Еврокомиссиа ахада Урсула  фон дер Лиаиен агәылареи арҭбаара иазку аиҿцәажәарақәеи рызҵаарақәа рзы Адиректорат хадахь авидеоааҧхьара аныҟалҵоз.

Урсула фон дер Лаиен ишылҳәаз ала, аханатә Албаниеи Аҩадатәи Македониеи рҟны, анеҩс, Украинеи Молдовеи рҟны  алалара иазкны  аиҿцәажәарақәа иалагеит,   Босниеи Герцеговинеигьы абри аҩызаҵәҟьа апроцесс иахысуеит, Қырҭтәыла акандидат-тәылас иҟалеит.

«Хәышықәса раҧхьа сара аполитикатә хархәага ианысҵеит арҭбаара апроцесс активизациа сшазҿлымҳау. Аха, хәышықәса раҧхьа аӡәгьы издырӡомызт абри аҩыза аҭагылазаашьа шыҟалоз. Зны апандемиа иҟан, анеҩс, Урыстәыла Украина иажәылеит.  Европа аамҭа цәгьа иҭагылеит. Путин европатәи аконтинентахь аибашьра ирхынҳәит, аха, уи адагьы,   иара европаа зегьы идирбеит ҳаидгыла аҵыхәтәантәи асахьа шаҭатәу.   Европаа зегьы Евроеидгыла абираҟ аҵара еидаҳкылар, убасҟан мацароуп  ҳконтинентаҿ аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи аныҟало.  Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аџьабаа ду шыжәбаз здыруеит. Уахгьы-ҽынгьы аус жәуан агәылацәа рҟны аимадара шәырҕәҕәарцаз.  Шәусура иахылҵыз алҵшәақәа лабҿаба иубарҭоуп.  Аханатә Албаниеи Аҩадатәи Македониеи рҟны, анеҩс, Украинеи Молдовеи рҟны  алалара иазкны  аиҿцәажәарақәа иалагеит,   Босниеи Герцеговинеигьы абри аҩызаҵәҟьа апроцесс иахысуеит, Қырҭтәыла акандидат-тәылас иҟалеит. Хәышықәса раҧхьа аӡәгьы ихахьы изааигомызт абри аҩыза алҵшәа шыҟалоз, аха, шәара уи ҟашәҵеит. Шәызгәыкреи шәпрофессионализми шәыцырыхрааны. Шәара ҳаидгыла аҭоурыхаҿ адаҟьа ҿыц аашәыртит», —  илҳәеит Урсуал  фон дер Лаиен.