Урсула фон дер Лаиен – Жәабран азы Еврокомиссиа аҩныҵҟатәи ареформақәа рплан цәырнагоит, арҭ ареформақәа рыла Евроеидгыла аҿыц алахәылацәа рыдкыларазы аҽазыҟанаҵароуп
Урсула фон дер Лаиен – Жәабран азы Еврокомиссиа аҩныҵҟатәи ареформақәа рплан цәырнагоит, арҭ ареформақәа рыла Евроеидгыла аҿыц алахәылацәа рыдкыларазы аҽазыҟанаҵароуп

«Жәабран азы Еврокомиссиа аҩныҵҟатәи ареформақәа рплан цәырнагоит, арҭ ареформақәа рыла Евроеидгыла аҿыц алахәылацәа рыдкыларазы аҽазыҟанаҵароуп», —  илҳәеит Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен Европарламентаҿ данықәгылоз.

Лара ҧхынҷкәын азы Ахеилак иаднакылаз аӡбарақәа дрылацәажәон, урҭ рыгәҭа  – алахәызаара иазкны Украинаҟны аиҿцәажәарақәа ралагара азҵаарагьы.

«Иара убас, ҳара ҳхатә реформақәагьы аус рыдулара ҳалагоит, избанзар, Евроеидгыла  30 иреиҳаны аҳынҭқарра- алахәылацәа рзы ихиазароуп. Иара убас, Европатәи ахеилак аҵыхәтәантәи аилатәараҿы ҳара Молдовеи Босниеи Герцеговинеи акритериқәа зегьы анынарыгӡалак, дара рҟны аиҿцәажәарақәа ралагаразы ҳаиқәшаҳаҭхеит. Ҳара Қырҭтәыла акандидат астатус анаҳшьеит, насгьы, даҽазнык ишьақәҳарҕәҕәеит Мраҭашәаратә Балканқәа атәылақәа  Евроеидгыла ишалало.

30 иреиҳаны аҳәынҭқаррақәа рыла ишьақәгыло Евроеидгыла аусушьа зеиҧшрахои? Ҳара заҵә ҳауп Евроеидгыла аҩныҵҟа ари азҵаара аҭак азҭаша», — илҳәеит  Урсула фон дер Лаиен.

Евроеидгыла асаммит мҩаҧысраны иҟоуп жәабран 1 азы.