Урсула фон дер Лаиен - Иракли Ӷарибашвилии иҟны аиԥылараҿ Қырҭтәыла амоу апрогресс ҳахцәажәеит, иҟаҵоу рацәоуп, аха иҵегьы иҟаҵатәугьы иаанхеит
Урсула фон дер Лаиен - Иракли Ӷарибашвилии иҟны аиԥылараҿ Қырҭтәыла амоу апрогресс ҳахцәажәеит, иҟаҵоу рацәоуп, аха иҵегьы иҟаҵатәугьы иаанхеит

Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен ишаалыцҳаз, Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Испаниа аҳраҿ ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Гранада ақалақьаҿ Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвилии диԥылан, Қырҭтәыла амоу апрогресс дахцәажәеит.

Урсула фон дер Лаиен ишаалыцҳаз, акандидат статус аиуразы Қырттәыла иҟаҵоу рацәоуп, аха иҵегьы иҟаҵатәугьы иаанхеит.

„Иракли Ӷарибашвилии иҟны аиԥылараҿ Қырҭтәыла амоу апрогресс ҳахцәажәеит, иҟаҵоу рацәоуп, аха иҵегьы иҟаҵатәугьы иаанхеит. Убри аҟынтә ҳара раԥхьа иргыланы Қырттәыла иабжьаагоит ԥхьаҟацаразы ирымоу алшара рхы иархәаны, ҳаззеиқәшаҳаҭхаз ареформақәа зегьы аҵыхәанӡа инарыгӡарц“, – илҳәеит Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен.