Иракли Ҕарибашвили Гранада ақалақьаҿ Урсула  фон дер Лаиен дылҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Гранада ақалақьаҿ Урсула  фон дер Лаиен дылҧылеит

 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Испаниа ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Гранада ақалақьаҿ, Еврокомиссиа ахантәаҩы Урсула  фон дер Лаиен дылҧылеит.

Урсула  фон дер Лаиен данлацәажәоз,  Иракли Ҕарибашвили  иаҵшьны иазгәеиҭеит евроинтеграциеи  акандидат астатуси аиуреи апроцессаҿ Қырҭтәыла ақәҿиара аҵакы ду шамоу арегионалтәи, иара убас, аглобалтәи контекстаҿ.

Аҧыза-министр Еврокомиссиа ахада инарҭбаау аинформациа лиҭеит 12 абжьагарақәа рынагӡара апроцессаҿы Қырҭтәыла иҟоу апрогресс иазкны. Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла аиҳабыра абжьагарақәа рынагӡаразы иаҭахыз зегьы ҟарҵеит, ари апроцесс инагӡоит.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, абжьагарақәа рынагӡара апроцессаҿы, Қырҭтәыла, Евроеидгылеи Венециатәи акомиссиеи аус рыцнауан.

Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла апрогресси 12 абжьагарақәа рынагӡаразы имҩаҧгаз аусуреи иахәҭоу азхаҵара роуп ҳәа дгәыҕуеит. Убри аҟынтә, Қырҭтәыла, ашықәс анҵәамҭаз Еврокомиссиа аҟынтә аполитикатә аӡбара иаша иазыҧшуп.

Иара убас, аҧыза-министр иаҵшьны иазгәеиҭеит арегионалтә шәарҭадара аиқәыршәара аус аҿы Қырҭтәыла инанагӡо ароль ду, иара ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла, арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәараҿы ахатә алагала аҟаҵара иазыхиоуп.