ЕАШ акоронавирус адиагноз ала ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 100000-ҩык иреиҳаны
ЕАШ акоронавирус адиагноз ала ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 100000-ҩык иреиҳаны
ЕАШ акоронавирус адиагноз ала ахәышәтәырҭақәа рҿы ишьҭоуп 100000-ҩык иреиҳаны.
Атәыла ачымазарақәа рхылаԥшреи апревенции рцентр адиректор Роберт Редфилд иҟаиҵаз аҳәамҭала, ԥхынҷкәыни, ажьырныҳәеи жәабрани зегь реиҳа ицәгьоу мзқәахоит.
Адунеи аҿы ЕАШ апандемиа аҟынтә аԥхсҭа зауз атәылақәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааннакылоит. Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла акоронавирус рыдбалан 200 000-ҩык рҟынӡа, 27530-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит.