Израиль Адәныҟатәи аусқәа рминистр - ЕАР палестинатәи ахҵәацәа рыцхыраара агентра  афинансыркра аанкылара иазкны ЕАШ аднакылаз аӡбара ҳақәшаҳаҭуп
Израиль Адәныҟатәи аусқәа рминистр - ЕАР палестинатәи ахҵәацәа рыцхыраара агентра афинансыркра аанкылара иазкны ЕАШ аднакылаз аӡбара ҳақәшаҳаҭуп

ЕАР палестинатәи ахҵәацәа рыцхыраара агентра афинансыркра аанкылара иазкны ЕАШ аднакылаз аӡбара ҳақәшаҳаҭуп, – иҳәеит Израиль Адәныҟатәи аусқәа рминистр Исраель Кац.

Израиль Адәныҟатәи аусқәа рминистр “Твиттер” аҿы ишааицҳаз ала, Израиль ари азҵаара ахцәажәара кыршықәса  иаҿын.

Исраель Кац иажәақәа рыла, иара дызхагылоу Израиль Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Газа асектор аҿы ЕАР апалестинатәи ахҵәацәа рыцхырааразы агентра аусзура аанкылара аус аднаулоит.

“Ҳамас” Израиль аганахьала имҩаԥнагаз ажәылара иамадан ҳәа ЕАР апалестинатәи ахҵәацәа рыцхырааразы агентра аусзуҩцәак иамырхит. Ари анеилкааха, ЕАШ ЕАР апалестинатәи ахҵәацәа рыцхырааразы агентра аамҭала афинансыркра ааннакылеит.