Пентагон аинформациала, ЕАШ-и Британиа Дуи Иемен, "ахуситцәа" ааробиектк рганахьала ажәылара мҩаԥыргеит
Пентагон аинформациала, ЕАШ-и Британиа Дуи Иемен, "ахуситцәа" ааробиектк рганахьала ажәылара мҩаԥыргеит

Пентагон аинформациала, ЕАШ-и Британиа Дуи Иемен, “ахуситцәа” ааробиектк рганахьала ажәылара мҩаԥыргеит, урҭ рыбжьара адгьылаҵантәи аҵәахырҭеи, аракетақәеи аԥшыхәратә обиектқәеи рганахьала.

ЕАШ-и Британиа Дуи еицыҟарҵаз аҳәамҭаҿ ишану ала, урҭ “зхы иақәиҭу ахәаахәҭра” ахьчара рҭахуп.

„Ҳара хықәкыс иҳамоуп Амшын Ҟаԥшь аҟны аибарххара аескалациеи аҭышәынтәалара аиҭашьақәыргылареи“, – иануп аҳәамҭа аҿы. Иара убас аҳәамҭаҿ ишазгәаҭоу ала, ажәыларақәа мҩаԥган Австралиеи, Бахреини, Канадеи, Нидерландқәеи рыдгылара ала.

Ажьырныҳәа 11 рзы ЕАШ-и Британиа Дуи рымчқәа Иемен иҟоу ахуситцәа робиект аганахьала ажәылара мҩаԥыргеит. Баиден иажәақәа рыла, авиажәылара мҩаԥган Амшын Ҟаԥшь аҟны ахуситцәа рыла ахәаахәҭратә аӷбақәа рырҳәра иаҭакны.