ЕАШ асенат Израили Украинеи рыцхыраара апакет азы аиқәшаҳаҭра адгылеит
ЕАШ асенат Израили Украинеи рыцхыраара апакет азы аиқәшаҳаҭра адгылеит

ЕАШ асенат Израили Украинеи 95,3 миллиард америкатә долар иаҟароу рыцхыраара апакет азы аиқәшаҳаҭра адгылеит. Ари атәы аанацҳаит CNN.

Америка аконгресс хыхтәи апалата апроцедуратә аӡбара аднакылеит Украиеи, Израили, Таивани иацҵаны ацхыраара рзалхра иазку азакәанпроект иашьҭанеиуа ахцәажәара иазкны.

Азакәанпроект иадгылеит 60-ҩык асенаторцәа.

Азакәанпроект аҿы иазыԥхьагәаҭоуп Украина 61 миллиард доллар азалхра, “Ҳамас” аҿагыларазы Израиль 14 миллиард доллар азалхра, иара убас 48,3 миллиард доллар  Индиа-Аокеан Ҭынч арегион аҟны апартниорцәа – Таиван, рыдгылара азалырхуеит.

Апроцедуратә абжьыҭира ашьҭахь азакәанԥҵаҩцәа ЕАШ асенат иалоу 60-ҩык алахәылацәа шьақәдырӷәӷәароуп.

Абжьыҭира амза анҵәамҭазы мҩаԥгахоит.