Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара,  хырҧашьа змам ахархәаразы,  Pfizer-и  Biontec-и иҭрыжьыз акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵа иақәшаҳаҭхеит
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара,  хырҧашьа змам ахархәаразы,  Pfizer-и  Biontec-и иҭрыжьыз акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵа иақәшаҳаҭхеит

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара,  хырҧашьа змам ахархәаразы,  Pfizer-и  Biontec-и иҭрыжьыз акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵа иақәшаҳаҭхеит. Ари атәы ануп аиҿкаара аофициалтә саит аҿы икьыҧхьу апресс-релиз аҿы.

Аҳәамҭа инақәыршәаны,   зыӡбахәы ҳәоу  аиҿкаара иалоу аҳәынҭқаррақәа авакцинаа ашьақәырҕәҕәареи аимпорти азы рхатә нормативтә процедурақәа дырласыр рылшоит. Иара убас зхашәала лаҟәу аҳәынҭқаррақәагьы авакцина аахәареи аларҵәареи рылшоит.

«Абри ашьаҿа аҵакы ду амоуп акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵа аглобалтә аҩаӡараҟны аиура аманшәалара аиқәыршәаразы. Аха, иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, адунеи ауааҧсыра зегьы авакцинаа ахархәара рылшаратәы,  авакцинақәа рхыҧхьаӡара аизырҳаразы азеиҧш ҽазышәара аҭахуп», —  илҳәеит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара адиректор ихаҭыҧуаҩ Мариангела Симау.