Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара   COVID-19 ахәышәтәразы даҽа 2 препаратк рхархәаразы абжьагара ҟанаҵеит
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара   COVID-19 ахәышәтәразы даҽа 2 препаратк рхархәаразы абжьагара ҟанаҵеит

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара   COVID-19 ахәышәтәразы даҽа 2 препаратк рхархәаразы абжьагара ҟанаҵеит.

ЕАР апанель аӡбара инақәыршәаны, акоронавирус ахәышәтәразы ахархәара ҟалоит америкатә афармацевттә гиган  Eli Lilly ала иаҧҵоу апрепарат «Барицитиниб», уи аҭираҿы иҟоуп абренд  Olumiant ахьӡала.

Зыӡбахәы ҳәоу апрепарат ҷыдала зҭагылазаашьа цәгьоу апациентцәа ирызкуп. Имҩаҧгаз аҧышәарақәа инрықәыршәаны, апрепарат «Барицитиниб»  аҧсҭазаара аиқәырхара арбагақәа еиҕьнатәуеит, иара убас, апрепарат адкылара аан  ИВЛ аппарат ахархәара аҭаххом.

Иара убас, Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аекспертцәа, усҟак зҭагылазаашьа цәгьам апациентцәа рзы апрепарат Сотровимаб ахархәаразы абжьагара ҟарҵоит. Убри адагьы, аиҿкаара аекспертцәа иазгәарҭеит амоноклонттә атәымцәеижьҿагылақәа рыла ахәышәтәрагьы алҵшәа бзиа шахылҵуа, избанзар урҭ ауаҩы иорганизм аҧсабаратәла ахьчара еиқәзыршәо аиҿаҧшьқәа иреиҧшуп.