Евроеидгылеи Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаареи Қырҭтәыла амедицинатә аибыҭара арҭеит
Евроеидгылеи Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаареи Қырҭтәыла амедицинатә аибыҭара арҭеит

 

Евроеидгылеи Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаареи рхаҭарнакцәа  Қырҭтәыла ҳамҭас арҭеит еиуеиҧшым амедицинатә аибыҭара. Ахархәагақәа зегьы ақыҭатә амбулаториақәа рахь идәықәырҵоит.

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла,  ҳаҧхьаҟагьы,  апандемиа аҿагыларазы ацхыраара аиуеит.

«Ҳареи Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ахаҭарнакцәеи Қырҭтәыла амедицинатә аибыҭара аҭара апроцесс ҳалахәып. Қырҭтәыла,  апандемиа аҿагылара апроцесс аҿы ақәҿиара амазар ҳҭахуп.

Ишыжәдыруа ала, апандемиа аныҟала инаркны иахьанаӡа, еиуеиҧшым амедицинатә абыҭара ала Қырҭтәыла ҳацхраауан. Иахьагьы зҵакы дуу ашьаҿа ҟаҵоуп, ари аибыҭара акоронавинус усҟак ихьанҭам аҳасабтәқәа рынагӡара иацхраауеит.  Апандемиа аҿагылара апроцесс аҿы ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәыла ҳацхраауеит», — иҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель.