Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ  - Сареи сгәыҧи, ааҧсарада аус аауеит Евроеидгыла алалара апроцесс аҿы Қырҭтәыла ҳацхраарц азыҳәан
Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ  - Сареи сгәыҧи, ааҧсарада аус аауеит Евроеидгыла алалара апроцесс аҿы Қырҭтәыла ҳацхраарц азыҳәан

«Қырҭтәылаҿ Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩс аҟазаара сара сзы ҳаҭыр дууп, ари амаҵзураҭыҧ аҭакҧхықәра ду ацуп.  Сареи сгәыҧи, ааҧсарада аус аауеит Евроеидгыла алалара апроцесс аҿы Қырҭтәыла ҳацхраарц азыҳәан», — иануп Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Павел Герчински иҟаиҵаз ааҧхьраҿы,  уи кьыҧхьуп Евроеидгыла ахаҭарнакра асаит аҿы.

Павел Герчински иажәақәа рыла, ари апроцесс аҿы ахатә лагала аҟаҵара  — апривилегиа дууп.

«Мшыбзиа, Қырҭтәыла! Акыр иаҧсоу аҩызцәа! Қырҭтәылаҿ Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩс аҟазаара сара сзы ҳаҭыр дууп, ари амаҵзураҭыҧ аҭакҧхықәра ду ацуп.   Сара ари аҭыҧ ааныскылеит Қырҭтәылеи Евроеидгылеи реизыҟазаашьақәа рҿы зҵакы дуӡӡоу аамҭазы. Қырҭтәыла европатәи аперспектива анашьра иазкны Европатәи Ахеилак иаднакылаз аӡбара абзоурла алабҿабара ҿыц аҧҵахеит.  Сареи сгәыҧи, ааҧсарада аус аауеит Евроеидгыла алалара апроцесс аҿы Қырҭтәыла ҳацхраарц азыҳәан. Ари апроцесс аҿы ахатә лагала аҟаҵара  — апривилегиа дууп», —  иануп ацҳаражәҳәаҩ иҟаиҵаз ааҧхьараҿы.