Адунеи аҿы акоронавирус афактқәа рхыҧхьаӡара 402 миллион еиҳахеит
Адунеи аҿы акоронавирус афактқәа рхыҧхьаӡара 402 миллион еиҳахеит

Адунеи аҿы акоронавирус афактқәа рхыҧхьаӡара 402 миллион еиҳахеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара.  Уи адыррақәа рыла, адунеи аҿы акоронавирус амшала иҧсхьеит 5,77 миллионҩык ауааҧсыра.

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла адунеи аҿы акоронавирус ҿыркааит  2 332 592ҩык,  12 005ҩык иҧсит.

Авирус ҿызкааз ауаа рхыҧхьаӡара инақәыршәаны, адунеи аҿы актәи аҭыҧ ааннакылоит Америка, уаҟа авирус ҿыркааит  76 миллионҩык еиҳаны ауааҧсыра,  902 000ҩык еиҳаны апациентцәа иҧсит.