Адунеизегьтәи агәабзиарахьчара аиҿкаара анапхгаҩы - "Covid-19" шыҟоу ахьырхашҭыз аҟынтә авирус еиҭах аларҵәара алагар ҟалап
Адунеизегьтәи агәабзиарахьчара аиҿкаара анапхгаҩы - "Covid-19" шыҟоу ахьырхашҭыз аҟынтә авирус еиҭах аларҵәара алагар ҟалап

“Covid-19” шыҟоу аҳырхашҭыз аҟынтә авирус еиҭах аларҵәара алагар ҟалап, – иҳәеит Адунеизегьтәи агәабзиарахьчара аиҿкаара анапхгаҩы Тедрос Адном Гебреисус.

Аиҿкаара анапхгаҩы иажәақәа рыла, сынтәа акоронавирус аҿагылара астратегиақәа рҭабгара амзызла авариант ҿыцқәа цәырҵит.

„Адунеизегьтәи агәабзиарахьчара аиҿкаара агәаанагара ала, адунеи ауааԥсыра 90% акоронавирус аҿагыларазы аимунитет рымоуп. Апандемиа ишәарҭоу аетап ихыркәшеит ҳәа ҳгәы иаанагоит, аха ари ииашам. “Covid-19” шыҟоу аҳырхашҭыз аҟынтә авирус еиҭах аларҵәара алагар ҟалап“, – иҳәеит Гебреисус.