Pfizer аинформациа ала, аилахәыра иҭнажьуа   COVID-19 аҽыхьчаратә таблеткақәа  90%-ла ачымазара ахьанҭара еиҵартәуеит
 Pfizer аинформациа ала, аилахәыра иҭнажьуа   COVID-19 аҽыхьчаратә таблеткақәа  90%-ла ачымазара ахьанҭара еиҵартәуеит

 Pfizer аинформациа ала, аилахәыра иҭнажьуа   COVID-19 аҽыхьчаратә таблеткақәа  90%-ла ачымазара ахьанҭара еиҵартәуеит.

Аилахәыра аҳәамҭа инақәыршәаны, акоронавирус аҽыхьчаратә таблеткақәа рхархәаразы авторизациа апроцесс иалагахьеит.

Pfizer аспециалистцәа рҳәамҭала,  зыӡбахәы ҳәоу ахәшә адкылара ашьҭахь агоспитализациеи аҧсҭбареи арбагақәа еиҵхеит.

Аилахәыра  Pfizer аспециалистцәа зыӡбахәы ҳәоу ахәшә рҧышәеит   COVID-19 ачымазара змаз, ҷыдала зҭагылазаашьа цәгьаз апациентцәа рҟны. Дара уаанӡа ирыдыркылоз ахәшәқәа рыдкылара нарыгӡон, уи аицҵаны хымш рыҩнуҵҟа апрепарат ҿыц рырҭон.

Pfizer адыррақәа рыла, ҧшьымчыбжь рыла 389ҩык апациентцәа рҟынтә хҩызаҵәык ахәышәтәырҭашҟа ииаргеит.