Азербаиџьан акарантинтә режим ҷыда аҿҳәара ацырҵеит – атәыла адгьылтә аҳәаақәа аркызаауеит  2024 шықәса ажьырныҳәа 2-нӡа
Азербаиџьан акарантинтә режим ҷыда аҿҳәара ацырҵеит – атәыла адгьылтә аҳәаақәа аркызаауеит  2024 шықәса ажьырныҳәа 2-нӡа

«Азербаиџьан акарантинтә режим ҷыда аҿҳәара ацырҵеит», — аарыцҳаит азербаиџьантәи АИХқәа.

Амедиа адыррала, иашьашәалоу аӡбара рыдыркылеит Азербаиџьан аиҳабыра.

Аӡбара инақәыршәаны,  атәыла аҵакырадгьылаҿ акоронавирустә инфекциа  (COVID-19)  аларҵәара аҽацәыхьчара амзызла,  Азербаиџьан акарантинтә режим аҿҳәара ацырҵеит   2024 шықәса ажьырныҳа 2-нӡа. Бақәа ишырҳәаз ала,  акарантинтә режим амч амазаауеит    «уи еиҧш ахымҧадара ахьынӡаҟазаауа».

Акарантинтә режим ҷыда аан атәылашҟа анеира ҟалоит аҳаиртә транспорт мацарала.

Қырҭтәыла иқәынхо азербаиџьанцәа нанҳәазы Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиев иахь аҳәара ҟарҵеит адгьылтә аҳәаа аартра иазкны.

Акарантинтә режим ҷыда  2023 шықәса жьҭаара 2-нӡа инагӡазар акәын,  аха,  Азербаиџьан анапхгара акарантин аҿҳәара ацырҵарц рыӡбеит.

Атәыла адгьылтә аҳәаа иаркуп  2020 шықәса ааҧынра инаркны.