Азербаиџьантәи АИХқәа - Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыбжьара аихамҩатә аимадара еиҭашьақәгылоит лаҵара анҵәамҭазы
Қырҭтәылеи Азербаиџьани рыбжьара аихамҩатә аимадара еиҭашьақәгылоит лаҵара анҵәамҭазы.
Азербаиџьантәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Азербаиџьани Қырҭтәылеи ишеиқәшаҳаҭхаз ала, раҧхьатәи адәыҕба дәықәлоит Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш азы — лаҵара 26-еи Азербаиџьантәи ареспублика амш азы — лаҵара 28-и рзы.
Азербаиџьантәи АИХқәа ишаарыцҳаз ала, уажәазы аганқәа атарифқәа ирылацәажәоит.
Бақәеи Қарҭи рыбжьара апассаџьыртә аимадара аанкылан 2020 шықәса хәажәкыразы, COVID-19 апандемиа амшала. Азербаиџьани агәылара иҟоу аҳәынҭқаррақәеи рыбжьара адгьылтә аҳәаа уажәгьы иаркуп. Атәылаҿы акарантинтә режим иҟоуп, уи аҿҳәара нҵәоит 2025 шықәса ҧхынгәы 1 азы.