Азербаиџьан ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Гела Гелаӡе иколлега Вилаиаҭ Еивазов диҧылеит
Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гела Гелаӡе аофициалтә визитла Азербаиџьан дыҟоуп.
Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Гела Гелаӡе иколлега Вилаиаҭ Еивазов диҧылеит.
Қырҭтәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, аганқәа рхаҭарнакцәа азинхьчара аусхкы аҿы ҩ-тәылак рпартниорреи уи арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит.
Аминистрра аинфомациа ишану ала, иара убас, аиҧылараҿы иазааҭгылеит Аахыҵ Кавказ арегионаҿ ашәарҭадара иадҳәалоу азҵаарақәеи, еиҿкаау ацәгьаура иаҿагыло ақәҧареи, Қырҭтәылеи Азербаиџьани рзинхьчаратә органқәа русеицуреи, аполициа атташецәа ринститут арҕәҕәареи.
Аиҧылара анҵәамҭаз, Гела Гелаӡе азербаиџьантәи иколлега қәҿиарала аусеицуразы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, Қырҭтәылаҟа дааиҧхьеит.