Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр шәамахьтәылатәи иколлега дылҧылеит
Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гела Гелаӡе аофициалтә визитла Шәамахьтәыла дыҟоуп. Аминистр шәамахьтәылатәи иколлега Арпине Саргсиан дылҧылеит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура адыррақәа рыла, аганқәа рхаҭарнакцәа Аахыҵ Кавказаҿ иҭышәынтәалоу аҿиара аиқәыршәаразы аҭынчреи аусеицуреи ахымҧадара иалацәажәеит.
Адырра инақәыршәаны, аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак рзинхьчаратә органқәа рыбжьара аполитикатә партниорра азҵаарақәагьы ирзааҭгылеит.
Убри адагьы, Гела Гелаӡеи Арпине Саргсиани аусхкытә реформақәеи, уажәазы имҩаҧысуа апроектқәеи, аинформациа аиҭныҧсахлара аҵаки иалацәажәеит.