Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа анаркоацәгьауразы 34ҩык ааныркылеит
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа анаркоацәгьауразы 34ҩык ааныркылеит.
Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Гела Гелаӡе ари атәы ааицҳаит иахьа имҩаҧгаз абрифинг аҿы.
«Ауаажәлар идсырдырыр сҭахуп ҳара даҽа операциак қәҿиарала ишымҩаҧаагаз. Иаха, атәыла зехьынџьара имҩаҧгаз аоперативтә усмҩаҧгатәқәа раан, анаркотикқәа ирыдҳәалоу ацәгьаурақәа рзы 34ҩык аанкылан. Урҭ иреиуп Қырҭтәыла атәылауаагьы атәымтәылауаагьы. Дара реиҳара еиуеиҧшым анаркотикқәа рҭиуан. Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп арҭ ауаа анаркотикқәа рыла ахәаахәҭцәа дуқәа шрылоу.
Аусеилыргараан ишеилкаахаз ала, арҭ ауаа анаркотикқәа рыҭиразы еиуеиҧшым ахархәагақәа рхы ишадырхәоз, асоциалтә аҳақәагьы уахь инрылаҵаны. Анаркотикқәа аконкреттә ҭыҧқәа рҿы ишьҭарҵон. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, дара ҵхыбжьонтәи аклубқәеи агәырҿыхаратә усбарҭақәеи рҿгьы анаркотикқәа рыҭира ргәы иҭан.
Иаанкылоу ауаа рынхарҭақәа реимдараан иаарҧшын еиуеиҧшым анаркотикқәа рацәаны, героини, кокаини, субоқсини, метадони, альфа-ПВП, уҳәа убас егьырҭгьы. Иара убас, иаарҧшын закәандарала анаркотикқәа рыҭирантә ироуз аҧареи, ашәҟәы иҭагалам амцабџьари. Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьаурақәа рзы арҭ ауаа 20 шықәсанӡа ма аҧсранӡа аҭакра рықәшәоит», — иҳәеит Гелаӡе.