«Pfizer» анапхгаҩы иҳәамҭала, ауааҧсыра иҵегьы кыраамҭа есышықәса акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина аҟаҵара рықәшәоит
 «Pfizer» анапхгаҩы иҳәамҭала, ауааҧсыра иҵегьы кыраамҭа есышықәса акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина аҟаҵара рықәшәоит

 «Pfizer» анапхгаҩы иҳәамҭала, ауааҧсыра иҵегьы кыраамҭа есышықәса акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина аҟаҵара рықәшәоит. Альберт Бурл иҳәамҭала ,   авирус аҽыхьчаразы ауаа хымҧада авакцина ҟарҵалароуп.

Аилахәыра  «Pfizer» анапхгаҩы ари аҳәамҭа ҟаиҵеит  «Би-би-си» аинтервиу анеиҭоз.

Иара иажәақәа рыла,  акоронавирус аштаммқәа  «Бетеи»  «Дельтеи» рҽыхьчаратә вакцинақәа ҟарҵахьеит, аха,  макьана урҭ рхархәара ахымҧадара иҟам.

Уажәы  аилахәыраҿы аштамм «Омикрон» аҽыхьчаратә вакцина аус адырулоит, авакцина мазеихоит  100 мшы рышьҭахь.