АИХ адыррақәа рыла,  Ахәышәтәратә хархәагақәа рзы европатәи агентра жьҭаара алагамҭазы абжьагара ҟанаҵар ҟалап  Pfizer ахҧатәи адоза алаҵаразы
АИХ адыррақәа рыла,  Ахәышәтәратә хархәагақәа рзы европатәи агентра жьҭаара алагамҭазы абжьагара ҟанаҵар ҟалап  Pfizer ахҧатәи адоза алаҵаразы

АИХ адыррақәа рыла,  Ахәышәтәратә хархәагақәа рзы европатәи агентра жьҭаара алагамҭазы абжьагара ҟанаҵар ҟалап  Pfizer ахҧатәи адоза алаҵаразы.

Ари аинформациа аланарҵәеит агентра  «Reuters».

Ишдыру ала,  Америка,  65 шықәса еиҳаны изхыҵуа ауааҧсыреи,  ҷыдала ашәарҭара иҭагылоу агәыҧқәеи,  агәабзиарахьчара аусхкы аусзуҩцәеи,  арҵаҩцәеи   Pfizer ахҧатәи адоза аҟаҵаразы азин рырҭахьеит.

Цәыббра 6 рзы Ахәышәтәратә хархәагақәа рзы европатәи агентра аанацҳаит  Pfizer ицәырнаго адыррақәа рыҭҵаара ишалаго. Аханатә агентра аанацҳаит ахҧатәи адоза алаҵара ахымҧадара иҟам ҳәа, аха, ргәы ишаанагао ала, зиммунитет ҧсыҽу ауааҧсыра ахҧатәи адоза рҭаххар ҟалап.