Авакцина «Синофарм» Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара авторизациа аиуит
Авакцина «Синофарм» Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара авторизациа аиуит

Китаитәи авакцина «Синофарм» Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара авторизациа аиуит.

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара агенералтә директор  Тедрос Адхано Гебреиесус абрифинг аҿы ишааицҳаз ала,  абри аӡбара рыдыркылеит  Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара  атехникатә гәыҧ иахьатәи реиҧылараҿы.

Авторизациа анеҩс, китаитәи авакцина, зхашәала маҷу аҳәынҭқаррақәа авакцинақәа рыла еиқәзыршәо  апрограмма «Ковакс» иалахәызаауеит.

Қырҭтәыла авакцина  «Синофарм» ахархәара иалагеит лаҵара 4 инаркны.

«Синофарм»  афбатәи вакциноуп Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара авторизациа зауз.