Европатәи Ахеилаки  Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаареи Қырҭтәыла иарҭеит  300 цыра амедицинатә архьшәашәагақәеи авакцинақәа рзы атранспорт ҷыдеи   (афото)
Европатәи Ахеилаки  Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаареи Қырҭтәыла иарҭеит  300 цыра амедицинатә архьшәашәагақәеи авакцинақәа рзы атранспорт ҷыдеи   (афото)

Авакцинациа апроцесс ацхрааразы,    Евротәи Ахеилаки  Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаареи Қырҭтәыла иарҭеит  300 цыра амедицинатә архьшәашәагақәеи авакцинақәа рзы атранспорт ҷыдеи.

Қырҭтәыла,  300 000 адоллар ахә ацхыраара аиухьеит. Абри аҧара, апандемиа аҿагыларазы Европатәи Ахеилак Қырҭтәыла иазоунашьҭыз  1,5 миллиард лари хәҭак ауп.

Қырҭтәыла Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр аҿы имҩаҧгаз ауснагӡатә рхы аладырхәит агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниеи, Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡеи, Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара қырҭтәылатәи аофис анапхгаҩы Сильвио Доментеи.