Иахьа Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара атехникатә гәыҧ авакцина "Синофарм" авторизациа азҵаара иахәаҧшуеит
Иахьа Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара атехникатә гәыҧ авакцина "Синофарм" авторизациа азҵаара иахәаҧшуеит

Иахьа Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара атехникатә гәыҧ авакцина “Синофарм” авторизациа азҵаара иахәаҧшуеит,  — иҳәеит Ачымзарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡе иахьа ажурналичтцәа данырҧылоз.

«Сара исымоу аинформациа инақәыршәаны, иахьа Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара атехникатә гәыҧ реиҧылара мҩаҧысуеит, уаҟа, егьырҭ еиуеиҧшым азҵаарақәа рыгәҭа, авакцина «Синофарм» авторизациа азҵаарагьы иахәаҧшуеит. Ишыздыруа ала, китаитәи аган рҟынтә иацҵаны адокументациа роуит. Иҟало аабап», — иҳәеит Амиран Гамҟрелиӡе.

Авакцина «Синофарм» Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара авторизациа шамамызгьы, лаҵара 4 рзы Қырҭтәыла ари авакцина хархәара иалагеит.

Гамҟрелиӡе ишиҳәаз ала, хымш рыла  «Синофарм» алаҵа ҟарҵеит  3941ҩык ауааҧсыра.